ИАЛАГЕИТ АШӘАХТӘШӘАҨЦӘА РХАҬАЛАТӘИ АНОМЕР ЗНУ АРШАҲАҬГАҚӘА РЫԤСАХРА

7 Февраля 2014

«Аиуристтә хаҿқәеи ахаҭалатә наплакыҩцәеи ршәахтәшәҟәҭагалашьа иазку» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ақәҵара  инақәыршәан ԥхынгәы 1 инаркны Аҟәа ақалақьи Аҟәа араион аинспекциақәа рҟны иалагоуп ашәахтәшәаҩцәа рхаҭалатәи аномер  зну аршаҳаҭгақәа рыԥсахреи, ашәахтә шҟәҭагалара амзыз акодқәа рыҭареи.

 Аинспекциахьы инагатәуп анаҩстәи адокументқәа рыхҩылаа:

 Азинттә хаҿқәа рзы 1. Аԥҟаԥҵәа  (аурыси аԥсуа редакциа (абӷьыц хадеи актәи адаҟьеи рыхҩылаа);

                                   2. Азинтә хаҿы аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара аршаҳаҭга ;

                                   3. Акодқәа риуразы Аҳәынҭқарратә статистика аҟынтә адырраҭаратә шәҟәы;

                                   4. Уаанӡа ирыҭаз ашәахтәшәаҩцәа рхаҭалатәи аномер  зну аршаҳаҭга абланк;

                                   5. Азинтә хаҿы ахьӡ ала ицәырҵуа ауаҩы изинқәа шьақәзырӷәӷәо адокумент (аиҿкаара амҳәыр ала ишьақәырӷәӷәо агәраргага)

 

 

Ахаҭатә хаҿқәа рзы 1. Ахаҭатә хаҿы  ахаҭатә наплакҩы иаҳасабала  аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара аршаҳаҭга;

                                   2. Уаанӡа иҭаз ашәахтәшәаҩцәа рхаҭалатәи аномер  зну аршаҳаҭга абланк;

                                   3. Атәылаҩшәҟәы (мамзаргьы ахаҭара шьақәзырголо адокумент);

 

Иарбоу адокументқәа (уаанӡатәи ашәахтәшәаҩцәа рхаҭалатәи аномер  зну аршаҳаҭга абланк ада) ашәахтәшәаҩ изыргьежьхоит.

 

 Ашәахтәшәаҩцәа рхаҭалатәи аномер  зну аршаҳаҭгақәа рыԥсахразы абаџь ашәара аҭахӡам.

 

Убри аан Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ирыланаҳәоит, ашәахтәшәаҩцәа рхаҭалатәи аномер  зну аршаҳаҭгақәа рыԥсахра мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын 1  2017ш. аҟынӡа. Уи анаҩс уаанӡа ирыҭаз ашәахтәшәаҩцәа рхаҭалатәи аномер  зну аршаҳаҭгақәа азинтә лшара рцәыӡуеит.

 

 

Абас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгара егьырҭ аинспекциақәа рҟны ианалаго Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ашәахтәшәаҩцәа ирыланаҳәоит амассатә информациа ахархәагақәеи афициалтә интернет саити рҟны.



Ашәахтәшәаҩцәа рхаҭалатәи аномер  зну аршаҳаҭгақәа рыԥсахра аан  азакәанеилагара аныҟала адырра рыҭатәу абри аҭел ала +7 (840) 226-97-03

E-mail  ministry@mns-ra.org   мамзаргьы аофициалтә саит http://mns-ra.org ала.                            

Асиахь ахынхәра