14 Апреля 2020

Ҳаҭыр зқәу ашәахтә маҵзура аусзуҩцәа!

        Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит ашәахтә маҵзура аҧҵоижьҭе 26 шықәса аҵра арыцхә! Мшаҧымза 14 1994 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа, шәара ишәыбзуроуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ихадоу ахырхарҭа қәҿиарала аус ахьауа, уи рыбзоуроуп ҿыц ари имариам аус знапы алазкыз аҿар! Аҿареи аҧышәеи реицхыраарала Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра иалнаршон Аҧсны аекономикатә интересқәа рыхьчара имариамыз аамҭақәа рзы, иалнаршоит аҧхьаҟагьы!         Ҷыдала ари амш рыдысныҳәалоит ашәахтә усбарҭа аветеранцәа!

        Ишәсеиӷьысшьоит агәабзиареи ақәҿиара дуқәеи, еснагь ишәыцзааит агәалаҟазаара бзиа!


Ҳаҭырла, Даур Кәырмазиа.

Вернуться к списку