Аминистрра

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра

 

Апрель 14 1994 шықәсазы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григории-иҧа Арӡынба инапы аҵаиҩит Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара «Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аус аруразы аиҿкаатә «Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рҳәынҭқарратә маҵзура азы». Ари арыцхә Аҧсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура анапҵахаз мшуп. Анаҩс, декабрмза 2002 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟала ари амаҵзура Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҳасабала ишьақәыргылахеит.

Апрельмза 1994 шықәсазы ашәахтқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура раҧхьатәи анапхгаҩыс дҟалеит Беслан Константин-иҧа Кәыбраа.

1998 инаркны 1999 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Григори Ражьден-иҧа Еныкь.

1999 инаркны 2002 шықәсанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс дыҟан Константин Константин-иҧа Озган.

2002-2005 шықәсқәа рзы ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан А.Н. Лышәба.

2005-2010 шықәсқәа рзы ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Вахтанг Ахра-иҧа Ҧиҧиа.

2010 инаркны 2016 шықәсанӡа ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Рауф Аслан-иҧа Цымцба.

Октиабрмза 2016 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭонДаур Лионти-иҧа Кәырмазиа.

Лаҵарамза 2021 шықәса инаркны аминистрра напхагара изиуеит Нанба Џьансыхә Едуард-иԥа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра шьақәгылоуп аппарат Хадеи, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыҧшь, Очамчыра, Галл араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы иаҧҵоу ашәахтә инспекциақәа рыла.

Аппарат Хада аилазаара иалоуп анаҩстәи аусбарҭақәа: азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; ахатә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; аоперативтә усбарҭа; анализи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; азинқәҵаразы аусбарҭа; акадрқәеи аусеилыргареи рзы аусбарҭа; афинансқәеи аҧхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; аинформатизациазы аусбарҭа.

Раҧхьаӡа иргыланы, хықәкынагӡарак аҳасабала Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿаҧхьа иқәгылоуп атәыла аекономика иаҵанакуа асубиектқәа зегьы рыбжьара ашәахтә закәанҧҵара аусура хылаҧшра аҭара, иҧҵәоу ашәахтқәеи, егьырҭ аизгақәеи рыгжьра амҭакәа, ианаамҭоу аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ралагаларазы.

Аппарат Хада аусбарҭақәа рпрактикатә усура ҵаҵҕәыс иамоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ауснагӡара хра злоу ахырхарҭақәа рыла, «Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә маҵзуразы» захьӡу Азакәани, аминистрра аусбарҭақәа рықәҵарақәеи рыла.