АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АШӘАХТӘҚӘЕИ АИЗГАҚӘЕИ РМИНИСТРРАҾЫ ИАԤҴОУП АҾАР РЕИЛАЗААРА

1 Февраля 2022

logo-border-png-1 (1) — копия.png

Ашәахтә орган абҵарамза 2, 2021 ш. иаднакылаз Адҵа № 189 инақәыршәаны иаԥҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿар реилазаара. Уи хықәкыс иаиоуит аминистрра аџьатә коллектив аҩныҵҟа аспециалист қәыԥшцәа рус ашьцылара арласра, аҟазаратә иара убас асоциалтә активра арҳаракра, апрофессионалтә еизҳара, иреиӷьу амаҵзура атрадициақәа ирықәыршәо аспециалист қәыԥшцәа рааӡара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿар реилазаара аус нангӡоит ихадоу ахырхарҭақәа ҳԥа рыла:

Аинформациа-методикатә – иаҵанакуеит аспециалист қәыԥшцәа ралԥшаареи урҭ рдыррақәа рыҩаӡара арҳаракреи, апрофессионалтә ҟазшьақәа рылааӡареи.
Асоциалтә – шьаҭас иаиуит иактивтәу атәылауаҩы ипозициа аарԥшразы аҽазышәарақәа рыҟаҵара, иара убас ауаажәларра рыԥсҭазаараҿы ахатәы лагала аҟаҵара.
Акультура-спорттә – хықәкыс иамоуп аҿар реигәныҩра аиӷьтәра амаҵуратә ԥхықәрақәа рҳәаақәа ирҭыганы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаарала.

Ашәахтә орган Аҿар реилазаара зынагӡара алнаршараны иҟоу аусқәа рахь иаҵанакуеит:

• Аҿар рыбжьара атематикатә еиԥыларақәа реиҿкаара;
• Ашәахтә органқәа русура аиҿкаашьеи, ашәахтә шәатәқәа анапхгара рыҭара алҵшәақәа рырҳаракреи ирызку абжьгарақәеи ахшыҩҵакқәеи аус рыдулара;
• Аминистрра аспециалист қәыԥшцәа рус ашьцылараҿы иара убас рдыррақәа рыҩаӡара арҳаракраҿы ацхыраара аҟаҵара;
• Аҵараиурҭақәа рҿи ашәахтә органқәа рҿи асоциалтә-активра аазырԥшуа аспециалист қәыԥшцәа ралԥшаара;
• Еиуеиԥшым аҿартә усбарҭақәа аус рыцура аиҿкаара аҩныҵҟатәи ахылаԥшырҭақәа рҿы еиԥш жәларбжьаратәи аҩаӡараҿгьы;
• Асоциалтә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара (асубботникқәа реиҿкаара, агәыҳалалратә усқәа);
• Ашәахтә закәанԥҵареи, егьырҭ анормативтә-зинтә актқәеи рганахь ала ауаажәларра адырра рызнагара, иара убас ашәахтә системаҿы иҟаҵахо аҿыцаԥшьгарақәа ажәлар арыларҵәара;
• Иқәыԥшу аусуцәа рыԥсадгьыл абзиабара аизырҳареи, абиԥарақәа рышьҭрамадара аиқәырхареи;
• Акультура-ԥсшьаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи;
• Аспорттә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи;
• Аспециалист ҿарацәа русеицура аиӷьтәреи, агәыԥ аҿы аџьатә ус анагӡашьа дырҵареи.

Ашәахтә орган Аҿар реилазаара аԥҵамҭазы иалахәылацәахеит 18-ҩык аминистрра Аппарат хада аусзуҩцәа қәыԥшцәа, ахантәаҩыс дҟаҵоуп – Кәакәасқьыр Гьаргь Олег-иԥа. Иара убас араионтә шәахтә органқәа рҟынтәи аҿарацәа аилазаарахь радыԥхьалра азԥхьагәаҭоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿар реилазаара амчқәа азынархоуп ауаажәларра рыԥсҭазаараҿы иалшо ала алагалақәа рыҟаҵара, хаҭала ашәахтә системаҿы, иара убас жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿар реилазаара инанагӡо аусқәа ртәы зҳәо аматериалқәа арыхәаԥшра аларшахоит аминистрра аофициалтә саит «Аҿар реилазаара» аҟәшаҿы, иара убас асоциалтә даҟьақәа рҿы:

Фейсбук                                   https://www.facebook.com/profile.php?id=100077673693913

Инстаграм                               https://instagram.com/ms_mns_ra?utm_medium=copy_link

E-mail                                       ms@mns-ra.org





Асиахь ахынхәра