АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ МАҴЗУРАҚӘА РХАҬАРНАКЦӘЕИ, АЧЫНУААИ АДЕПУТАТЦӘЕИ ИРЗЫНАРХОУ АИНФОРМАЦИАТӘ ЗНАГА

20 Июля 2022

Ҳаҭыр зқәу аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рхантәаҩцәеи русзуҩцәеи, ачынуааи адепутатцәеи! Аҧсны Аҳәынҭқарра "Ачынуааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу хыдҵақәеи ашәҟәқәа рҭагалара" Азакәан анагӡара хықәкыс иҟаҵаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра адырра шәынаҭоит адекларациақәа рыдкылареи ашәахтә орган асаит аҿы рҭагалареи ирымоу аҽҳәарақәа ртәы.

Азакәан инақәыршәаны адекларациақәа рыдкылара ахыркәшара ҽҳәараны иазыҧҵәоуп ҳазҭоу ашықәс нанҳәамза 1. Адкылара зауз адекларациақәа аҧсахрақәа ралагалара алыршахоит адкылара анроу нахыс 30 мшы ирылагӡаны.

Ахашәалақәеи, аныхрақәеи, амазареи, амазаратә ҟазшьа змоу ахыдҵақәеи зныҧшуа ашәҟәқәа алазымҵаз, мамзаргьы аинформциа еицакны иалазҵаз адекларантцәа рмаҵзуратә ҭыҧқәа ирымххоит аус зуа ҳҳәынҭқарра азакәанҧҵара инақәыршәаны.

Азакәан анагӡара ацхыраара аҭаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрраҿы аус ауеит Акоррупциа аҧырҟәҟәааразы адекларациақәа рыдкылара иазку аусбарҭа.

Адекларациақәа рхарҭәаара иадҳәалоу азҵаарақәа зызцәырҵуа адекларант уи аусбарҭа аусзуҩцәа рыҽимаидар илшоит аминистрра асаит аҿы иарбоу аҭел аномер +7(940) 907-97-03 ала, мамзаргьы електронтә ҧошьҭала uad@mns-ra.org


Асиахь ахынхәра