Аҳасабеилыргара хада

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат хада

афинансқәеи аҧхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа 



Аҳасабеилыргаҩ хада

Ашәахтә маҵзура абжьгаҩ 3 акласс змоу

Гогуа Камилла Зурабовна	.jpg

Гәогәуа Камилла Зураб-иҧҳа

т. 8 (840)226-14-70

 

          

Афинансқәеи аҧхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рзы Аусбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп.

     Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. 

         Ари Аусбарҭа инанагӡоит анаҩстәи ауснагӡатә хырхарҭақәа:

   – Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтқәеи аизгақәеи Рминистрра аппарат Хадеи уи аинспекциақәеи рҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкынагӡатәқәа аусаҿы ралыршаразы зда ҧсыхәа ыҟам абиуџьеҭ аныхтәқәа рплан ашьақәыргылара, аҳәынҭқарратә биуџьеҭ аҟнытә зхарџьра ҧсыхәадоу апрограммеи аусмҩаҧгатәқәеи рымҩаҧгаразы планла реиқәыршәара.  
      – ашәахтә усбарҭақәа рбиуџьеттә лагала ахархәарала аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахарҭәаара алыршара аус амҩаҧгара хылаҧшра аҭара;                                             
      – Аусбарҭа акомпетенциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәахтә органқәа рфинансттә дисциплина хылаҧшра аҭара, иара убасгьы абиуџьеттә ҧара хырхарҭа иашала рхархәара хылаҧшра аҭара;                                                                              
      – ААР аусура иадҳәалоу аинформациа иаша ашьақәыргылара, уи афинанстә ҭагылазаашьеи, ахашәалахәы, ахарџь, анхамҩатә уснагӡара алҵшәақәа алкаақәҵаҟаҵара аамҭа (амза, аквартал» ашықәс) иалагӡаны.

      – аҧхьаӡаратәра иазку азакәанҧҵара шьаҭас иаҭаны аҧхьаӡаратәратә политика ашьақәыргылара;

      – ААР аинспекциақәа рструктурахә еихшарақәа рҿы аҧхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рышьақәгылашьа агәаҭарақәа; 

                         
     –  арыжәтәи аҭаҭыни рзы акциатә маркақәа рҧхьаӡаратәра, рыҭара;

     – еиҿнакаауеит ААР абиуџьеттә сметақәеи аҧхьаӡаратәреи, алкаақәҵа аполитика инақәыршәаны, азакәанҧҵара шьаҭас иаҭаны;                  
     – ААР аусуратә план инақәыршәаны ашәахтә усбарҭақәа ирыду афункциақәа рынагӡаратә лшара шьақәнаргылоит, апрограммақәеи аусмҩаҧгатәқәеи аҳәынҭқарратә биуџьет ахархәарала реиҿкааразы, анаҩстәи афинанстә ашықәсаамҭа абиуџьеҭ апроектазы, анаҩс урҭ азгәаҭақәеи абиуџьет апроект асметеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа Рминистрра ашҟа инанашьҭуеит; 
     – Аҧсны Аҳәынҭқарра ААР аинспекциақәа рышҟа инанацҳауеит ишьақәрыҕәҕәоу ашықәсаамҭазтәи абиуџьеттә харабзара, квартала ишаны, ишьақәнаргылоит ААР аинспекциақәа абиуџьет апроект асметақәа анрыҭахаша аамҭаҧҵәа, урҭ рыхәаҧшразы, анаҩс рышьақәрыҕәҕәаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа Рминистрра ашҟа ааҧҭаҧҵәа иалагӡаны инанашьҭуеит, аҳәынҭқарратә биуџьет анапаҵаҩрала алартәаразы;                                                                                              
    – ААР амазаратәи афинанстәи ҭагылазаашьақәа ҳасаб рзуны абжьараамҭатәи ашықәсаамҭатәи аҧхьаӡаратәра ашьақәыргылареи астатистикатә лкааҧҵәақәеи рыҟаҵара;

   – ААР аинспекциақәа русура еиҿнабаауеит, ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵаразы аметодикатәи апрактикатәи цхыраагӡа алшарақәа аанарҧшуеит,  Ашәахтә закәанҧҵареи ашәахтә политикеи реиқәыршәареи реиҿкаареи рымҩаҧгареи рҿы ахы аланархәуеит, ишьақәыргылоу, аус зуа аусҧҵәа аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны аҧхьаӡаратәреи алкааҧҵәақәеи рызҵаарақәа рҿы;

     – ишьақәыргылоу аиҿкаашьақәа рыла амазара хада аиҭахәырбара мҩаҧнагоит, ААР амазареи афинанстә хадҵақәеи ринвентаризациа амҩаҧгара ахы аланархәуеит, амазара ашәҟәы аныхреи уи қьаадла аиқәыршәареи реиҿкаара иазҿлымҳауп;
    – ААР аусзуҩцәа рџьабаа ахәҧса ианаамҭоу рызшәара, акомпенсациеи егьырҭ ахарџьқәеи, абиуџьеттә хыҧҧхьаӡалатәреи, азинтә хаҿрақәеи ахатә хаҿрақәеи рхыҧхьаӡалатәра ианаамҭоу ишахәҭоу аиҿкаара азакәанҧҵара инақәыршәаны;           
    – ААР ақьаадқәа ҭнаҵаауеит, ииашан иахьынӡахарҭәаау гәанаҭоит, урҭ ақьаадқәа рҿы афинанс-нхамҩатә рбарақәа арҵабыргуеит;

    – Абланкқәа ргәаҭареи рыҭареи алнаршоит (азинтә хаҿрақәеи ахатә хаҿрақәеи аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара ашәахтә абланкқәа рыла, аршаҳаҭгақәа, аквитанциақәа №24, ақәҵарақәа, аҧҟанҵақәа, ахәҧсаратә нашьҭымҭақәа убас егьырҭгьы);
    – ишьақәыргылоу аиҿкааҧҵәала аусеилыргара мҩаҧнагоит ашәҟәқәа рыҵәахра алнаршоит;  

   Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵареи, ААР анапхгара аусҧҟақәеи ақәҵарақәеи инарықәыршәаны, еиуеиҧшым егьырҭ анапынҵатә уснагӡатәқәагьы мҩаҧнагауеит.