Аоперативтә усбарҭа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат хада

аоперативтә усбарҭа

 

Аоперативтә усбарҭа аиҳабы

Ашәахтә маҵзура абжьгаҩ 1 акласс змоу

Харчилава Игорь Мамиевич.jpg

Харчлаа Игор Мамиа-иҧа

т. 8 (840) 226-34-96

              Аоперативтә Усбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп.

     Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу.

 

      Аоперативтә Усбарҭа ахықәкы хадақәа иреиуоуп:

       – ашәахтә еилагарақәа рышьақәыргылареи раарҧшреи, рыгәҽанҵареи, раҧырҟәҟәаареи рзы аоперативтә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи;

      – ААР аинспекциақәа комплекслатәи агәаҭарақәа рымҩаҧгара аус аан ахы алархәра;

     – Аусбарҭа ашәахтә гәаҭарақәа рграфики аусуратә плани шьақәнаргылоит, ААР аинспекциақәа рыҟәшақәа аусуратә плани агәаҭарақәа рграфики иахьынӡарықәшәо русура хылаҧшра азнауеит;

     – Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи ирызку азакәанҧҵара ахылаҧшра аҭара арыҕәҕәараҿы азинхьчаратәи ахылаҧшратәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русмҩаҧгатәқәа рҿы ахы рылархәра;

    – ашәахтәқәеи егьырҭ аизгақәеи рымшәра, мамзаргьы иааидкыланы ашәахтә закәанҧҵара аилагараан ахатә хаҿрақәеи азинтә хаҿрақәеи ртауар-материалтә хәыдақәа зыҩноу ахыбра ашәқәа рҷабра, аилагарақәа рҽеины рҭыҧ иқәырҵаанӡа;

    – Агәаҭаратә акт ашьақәыргылара анаҩс, ААР анапхгаҩцәа реиуа иӡбамҭала атауар-материалтә хәыдақәа (атауарқәа, аалыҵ, уб. егь.) ирымнахуеит урҭ ашәахтәшәара иарбамзар.