АШӘАХТӘ ОРГАН АУСЗУҨЦӘА РГӘЫԤ АШЬАПЫЛАМПЫЛ МАҶ АЗЫ АБЗИАБАРАТӘ ТУРНИР РҼАЛАДЫРХӘИТ

28 Июня 2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аусзуҩцәа рхы аладырхәит Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рыбжьара еиҿкаахаз ашьапылампыл маҷ азы абзиабаратә турнир хәмарра.

Аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы традициала еиҿнакаауа аусмҩаԥгатә аартын Аҟәа, рашәарамза 27 рзы.

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрреи Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрреи рыбжьара имҩаԥысыз аиндаҭлара хыркәшан еиҟараз ԥхьаӡарала 2:2 ҳәа.

Абзиабаратә спорт адгылара аҭареи, агәабзиара иазынархоу аԥсҭазааратә знеишьеи, агәыԥтә доуҳеи ирзынархоу аспрттә усмҩаԥгатә рҽаладархәуеит Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи 20.

Асиахь ахынхәра