Азинтә усбарҭа
азинтә усбарҭа
Азинтә усбарҭа аиҳабы
Ашәахтә маҵзура абжьгаҩ 3 акласс змоу
Царгәыш Баҭал Мираб-иҧа
т. 8 (840)226-47-12
Азинтә Усбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп.
Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу.
Азинтә Усбарҭа имҩаҧнагоит анаҩстәи ауснагӡатә хадақәа:
– Апроектқәе, актқәеи, адҵаҧҵәақәеи, аметодикатә рбагақәеи, аинструкциақәеи, ациркулиартә шәҟәеи, иара убас егьырҭ ашәҟәқәагьы, Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара иахьынӡақәшәо, иахьынӡанаало гәанаҭоит, есааирагьы хылаҧшра азнауеит;
– ААР амчала еиқәыршәоу азакәан апроектқәа, анормативтә актқәа, егьырҭ ашәҟәқәагьы, азинтә експертиза рызнауеит, иара убасгьы азинтә експертиза рызнауеит ААР ашҟа ақәшаҳаҭразы ақьаадтә нашьҭыиҭақәа;
– Хылаҧшра азнауеит ААР аинспекциақәа рҿы азинтә усура ахаҭабзиара ахьынӡаҳараку, иара убасгьы уи аусура анагӡашьа;
– ашәахқәҵаратә усбарҭақәа рҿы азинтә усура апрактика аланагалоит, уи арҽеиразгьы ажәалагалақәа алнаршоит.