Аинформатизациатә усбарҭа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат хада

аинформатизациа аусбарҭа 

 

Аинформатизациа аусбарҭа аиҳабы

Ашәахтә маҵзура абжьгаҩ 3 акласс змоу

Кубрава Темур Науриевич.jpg

Кәыбраа Ҭемыр Наур-иҧа

т. 8 (940)921-63-33

 

            Аинформатизациа Аусбарҭа Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат Хада иатәу структуратә хырхарҭоуп.

     Ари аусбарҭа ауснагӡараан изықәныҟәо акәны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә закәанҧҵареи, аҳәынҭқарра амчра зныҧшуа егьырҭ анорматив-зинтә актқәеи, ашәахтәқәареи, афинансттә-нхамҩеи, аусҧҟақәеи, аинструкциақәеи адҵаҧҟақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу. 

         Аинформатизациа Аусбарҭа инанагӡоит анаҩстәи ауснагӡатә хырхарҭақәа:

  – Ашәахтә усбарҭақәа ринформациа-техникатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра, аинформациа-телекоммуникациатә технологиа ҿыцқәа ралагалара, амазаратә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы.

   – Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрразы автоматтә информациатә система ашьақәыргылара, алагалара, алыршара.

  – Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра автоматтә информациатә система архитектура амодернизациа азура.

    – Ашәахтә информациа автоматтә усадуларазы атехнологиақәа рышьақәыргылара (аинформациа адкылареи, аҭареи, аусадулареи, ахьчареи ирыдҳәаланы).

      – Ашәахтә усбарҭақәа русура акоординациа азура, автоматтә информациатә системақәа руснагӡараҿы.

     – Ашәахтә информациа амаӡақәа ишақәнагоу рыхьчара, аконфиденциалра зныҧшуа аинформациа аиқәырхара, иара ишаҟазшьоу еиҧш.

     – Ашәахтә усбарҭеи ашәахтәшәаҩцәеи рыбжьара қәҿиара реимадара алзыршаша аинформациатә системақәа раҧҵара, аус друра, алҵшәақәа наӡааӡақәа рыҭара аинфокоммуникациатәи аелектронтәи технологиақәа рыла.